Аҳәарақәа реизгара: рашәарамза 1 инаркны 30 нӡа, 2026 ш.

АКОНКУРС
ҲАРА ҲАИЦУП
ШӘПРОЕКТҚӘА
РЗЫ АҚӘЫҦШЫЛАРА

Акультуратә, аҵаратә, амедиатә
проектқәа рзы аусмҩаԥгатә
рымҩаԥгаразы аҳәара ҟашәҵа

АКОНКУРС АХЬ АҲӘАРА АҞАҴАРА
АЗЕИԤШ  ИНФОРМАЦИА
01

Апроект иазкны

Ҳара ҲАИЦУП — ари ауаажәларразы хәарҭара злоу аԥшьгарақәа: акультуратә, арккаратә, амедиатә проектқәа рынагӡаразы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу ҭыҧуп.

Апроектқәа ралԥшаара мҩаԥысуеит аҳәарақәа рконкурс аформат ала. Аҳәарақәа реизгара мҩаԥысуеит рашәарамза 1 инаркны 30, 2026ш.нӡа. Аихшьаалақәа рыҟаҵара мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 1, 2026 шықәса рзы. Аконкурс аихшьаалақәа рыла 2026 шықәса ԥхынгәымза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма шьақәдыргылоит.


АҬАГЫЛАЗААШЬА
о конкурсе
АЛАХӘЫЛАЦӘА РЗЫ
02

Аҳәара ҟазҵар зылшода?

- ауаажәларратә усзуҩцәа
- агәаанагарақәа рҧызацәа
- акультура усхк ахаҭарнакцәа
- аҵара усхк ахаҭарнакцәа
- амедиеи аконтент-проектқәеи ркомандақәа


АҲӘАРА АҞАҴАРА
о конкурсе
АПРОЕКТҚӘА
03

Иарбан проектқәоу зынагӡара алшо?

- авидеои аудио материалқәеи рҭыхреи ранҵареи
- аподкастқәеи аинтервиуқәеи
- апрезентациақәа
- ацәыргақәҵақәа
- аиҿцәажәарақәеи аиԥыларақәеи
- егьырҭ ауаажәларратә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа

о конкурсе

Ақәыҧшылара ҲАРА ҲАИЦУП

Ахыбраҿы иҟоуп еиуеиԥшым афункционалтә зонақәа аусмҩаԥгатәқәеи, аҭыхрақәеи, аиԥыларақәеи рзы. Аҭыҧ алхра мҩаԥысуеит апроект аформати атехникатә лшарақәеи ҳасаб рзуны.

АҲӘАРА АҞАҴАРА

Аподкастқәа рвидеостудиа

Ацокольтә еихагыла. Аподкастқәа, аинтервиуқәа, онлаин-транслиациақәа рвидеонҵаразы амаругақәа рыла еиқәыршәоуп. Аҵакыра 39 кв. м.

service image

Авокал анҵарҭа астудиа

Ацокольтә еихагыла. Авокали аудиоконтенти ранҵаразы апрофессионалтә студиа. Аҵакыра 46 кв. м.

service image

Абжьынҵареи/амастеринги рыстудиа

Ацокольтә еихагыла. Аудиоматериалқәа раԥҵареи аус рыдулареи рзы апрофессионалтә студиа. Аҵакыра 45 кв. м.

service image

Ацәыргақәҵатә ҵакыра

Ацокольтә еихагыла. Акультуратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аҭыҧ. Апроектқәеи ацәыргақәҵақәеи рӡыргаразы ианаалоит. Аҵакыра 365 кв. м.

service image

Алекториақәа рзы азал

1 аихагыла. Алекциақәеи, арҵаратә программақәеи, иаарту ақәгыларақәеи рзы аҭыԥ. Ихадоу амультимедиатә маругақәа рыла еиқәыршәоуп.

service image

Афорум-зал

1 аихагыла. 200 ҭыԥ рҟынӡа. Афорумқәеи зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгаразы азал. Азанааҭтә маругақәа рыла еиқәыршәоуп.

service image

Аӡыргарақәеи атренингқәеи рзы азал

2 аихагыла. Аусутә усмҩаԥгатәқәеи, аӡыргарақәеи, аиԥыларақәеи рзы аҭыԥ. Амультимедиатә хархәагақәеи иманшәалоу атәарҭа ҭыԥқәеи рыла еиқәыршәоуп.

service image

Аконференц-зал

2 аихагыла. 94 ҭыԥ рҟынӡа. Ҳаамҭазтәи атехникатә маругақәа змоу аусутә еиԥыларақәеи, аӡыргарақәеи, аконференциақәеи рзы афункционалтә ҵакыра.

service image

Аковоркинг

2 аихагыла. Аиндивидуалтәи акомандатәи усуразы еихатыруа аусуратә ҵакыра. Арезидентцәеи аусутә еиԥыларақәа рымҩаԥгарақәеи ирнаалоит.

service image

Аконференц-зал маҷ

3 аихагыла. 120 ҭыԥ рҟынӡа. Асеминарқәеи, атренингқәеи, иманшәалоу аусуразы аусутә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгаразы азал. Аҵакыра 176 кв. м.

service image

Иаарту астудиа аԥшра аманы.

Ахыб. 27 ҭыԥ. Апанораматә ԥшра змоу аефирқәеи, аинтервиуқәеи, амедиапроектқәеи ранҵаразы ҳаамҭазтәи иуникалтәу ҭыҧуп. Иаарту аҭыԥ.

service image

Алаунџь зона

ААхыб. 54 ҭыԥ. Аԥсшьареи, иформалтәым аицәажәареи, адәаҿы иласу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи рзы иманшәалоу ҭыԥуп.

service image

Алахәхара аҭагылазаашьақәа

Ихашәырҭәаа аформа рашәарамза 1 инаркны 30 нӡа, 2026ш.
Апроект ахҳәаа ацышәҵа
Иашәырба арыцхәқәеи, аформати, аҭахрақәеи
Шәазыԥшы алԥшаара алҵшәақәа ԥхынгәымза 1, 2026ш.